Myvideo

Guest

Login

Урыстыла акультура аминистрра анапынала Росконцерт иманаго апрограмма Агастроль дуа ахь есышыса аахьара амоуп Фазиль

Uploaded By: Myvideo
1 view
0
0 votes
0

Урыстәыла акультура аминистрра анапынҵала Росконцерт имҩаԥнаго апрограмма “Агастроль дуқәа“ ахь есышықәса ааԥхьара амоуп Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр, уи — акультуратә дипломатиоуп ҳәа иҳәеит актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа. Ари апрограмма есышықәса иаладырхәо атеатрқәа даараӡа имаҷуп иара Урыстәыла аҩнуҵҟа ҳәа азгәеиҭеит иара. “2-3 шықәса рахь знык иақәшәо ыҟоуп, ҳара даараӡа пату ақәаҳҵоит дара ҳазҿлымҳаны есышықәса ҳахьаладырхәо, ҳара ҳҭакԥхықәра еизнарҳауеит, иахагьы-уахагьы аусура ҳаҿуп. Ҳахьнеиуа закә коллективузеи ҳәа рҳәаратәы ҳхы мҩаԥаагоит“, — иҳәеит актиор. РУСДРАМ “Агастроль дуқәа“ рахь ицоит лаҵара 1 инаркны 14 рҟынӡа. Перми Челиабински аԥснытәи артистцәа ахәаԥшыҩцәа иддырбоит аспектакльқәа “Софичка“, “Абацәеи ахшареи“, “Ахьча Махаз“, Екатеринбург ҩ-спектакльк — “Абацәеи ахшареи“, “Ахьча Махаз“. Апрограмма Росконцерт имҩаԥнагоит Урыстәыла акультура аминистрра анапынҵала. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра. Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later