Амилаҭтә сахьатә галереиа аатуеит рашәарамза анҵәамҭазы Аҟәа ақалақь аҿы. Аҭоурыхтә хыбраҿы арҽеиратә усурақәа ҳазҭоу ашықәс жәабрамзазы ихацыркхеит. Актәи аихагылаҿы иҟалоит ареставрациатә залқәеи анапгаратә уадақәеи, аҩбатәи аихагылаҿы ацәыргақәҵатә залқәеи иҷыдоу аҳауаԥхарра ахьыҟало аҵәахырҭеи ҟалоит иҳәеит аргыларатә еиҿкаара анапхгаҩы Русҭам Цәеиба. Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырҧҳа илырҵабыргит агалереиаҿы иаарласны Аԥсни Урыстәылеи еицырзеиԥшу ацәыргақәҵақәа шымҩаԥырго. Аԥсны Асахьаҭыхцәа реидгыла иаҵанакуа ахыбра 2024 шықәса ажьырныҳәамза 21 рзы амца акын, ааха ӷәӷәа аиуит. Аҩбатәи аихагылаҿы иҟаз 4000 сахьа рахьтә 200 роуп еиқәхаз. Уи ашьҭахь Пушкин ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу Амилаҭтә галереиа аус зымуаз ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing