Myvideo

Guest

Login

Аа имаысит Атуризм аминистрра авидеоеицлабра Акадр аы Асны аыргара

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

Аҟәа имҩаԥысит Атуризм аминистрра авидеоеицлабра “Акадр аҿы Аԥсны“ аӡыргара. “Ҳара даара агәыӷра ҳамоуп, Аԥсны адунеи аҿы иреиӷьу тәылак аҳасабала иаазырԥшыр зҭаху аҟазацәа, аблогерцәа, ҳтәыла ауааԥсыреи ус иаҭаауа асасцәеи зегьы аицлабра рхы аладырхәып ҳәа“, — ҳәа иҳәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Аицлабра алахәылацәа ареспублика аԥсабара, акультура, атуризм, мамзаргьы атрадициақәа ирызку хә-минуҭк ирылагӡоу авидеосахьа ҭырхроуп. Арзаҳалқәа рыдыркылоит нанҳәа 18 инаркны цәыббра 16 рҟынӡа, алҵшәақәа рылаҳәахоит жьҭаарамзазы. Аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбан урыстәылатәи ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ Александр Малькевич Аԥсны иазку жәохә минуҭк ирылагӡоу ивидеосахьа. Аицлабра ахықәкы – атәыла атуризмтә алшарақәа ацхраареи авидеоконтент ала ахьӡ аԥҵареи. Аицлабра аԥҟарақәа рзы еиҳаны адыррақәа шәыԥшаар шәылшоит Атуризм аминистрра адаҟьаҿы. Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later