Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нанҳәамзазы ихыркәшахоит. Ацәыргақәҵатә зал аҿы аусурақәа шцо даҭааны ибеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра блит ажьырныҳәа 20-21 руха. Аҩбатәи аихагылаҟны иҟаз Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд аҟны иҵәахын 4000 сахьаҭыхымҭа рҟынӡа, еиқәхеит 200 инарзынаԥшуа асахьаҭыхымҭақәа. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing