Синоп иахьаҵанакуа Аҟәатәи ашкол №6 аҵакыраҿы аспорттә дәы ҿыц аадыртит. Аиҿкаара “Урыстәыла ҿа“ Краснодартәи арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Роман Марченко иажәақәа рыла, ари аҭыԥ афункциа рацәа амоуп – ара анапылампыл, амҵәышәымпыл, ашьапылампыл, абаҩрҵәыра аҟаҵарҭақәа аиуеит. Аҵара аминистр Хана Гәынба ас еиԥш иҟоу аҭыԥқәа реиҿкаара акырӡа шаҵанакуа инаҵшьны иазгәалҭеит. “Ҳтәылаҿы даара акрызҵазкуа, ихымԥадатәиу апроект анагӡара иаҿуп, уи аҿар аспорт ахь ргәазҭанаҵоит. Ас еиԥш апроектқәа рынагӡара зегь реиҳа ииашоу ҳәынҭқарратә политикоуп“, — ҳәа иазгәеиҭеит Гәынба. Жәлар Реизара аиҳабы, Синоп араион аҟынтәи адепутат Лаша Ашәба Краснодартәи атәылаҿацә аспорттә дәы аргыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. “Аҿар аспорт азы рҽазыҟарҵалоит. Ари ашколхәыҷқәа рзы мацара акәымкәа, араион ауааԥсыра зегьы рзы иҳамҭоуп“, — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Аспорттә дәқәа Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала идыргылеит. Урҭ зегьы еизакны 12 ҟалоит: Аҟәа ааба, Тҟәарчал ҩба, Очамчыреи Галии ҩба-ҩба. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing