Аҧсуа чара ҧшӡазароуп зегьрыла. Шәаҳәарала, кәашарала, зеиӷьашьарала. Абар уажәы сархив аҟынтә аинтернет иҭагаламкәа исымаз видеонҵамҭак. Уи иҭагалам мышкызны иауеит иуцәыӡыр. Убри аҟынтә иахьа смаашьакәа ари анҵамҭа аинтернет иҭазгалоит. Уи ҭыхын цәыббрамза 3 рзы, сынтәа, 2022 ш. азы. Ҳаҟан ҳара усҟан Лыхны ақыҭан инхо аҧсуа хаҵа бзиа Руслан Лакәаба игәараҭаҿ имҩаҧысыз ачараҿ. Зегь раҧхьаӡа шәара дыжәбоит аҷкәын еиҿамс, Лакәара рмаҭатә еиҳәшьаҧа Леван Гәымба. Леван бзиа ибоит аҧсуа чара кәашарала арҧшӡара. Егьараан ирҧшӡахьеит урҭ. Аха, акәашаҩ бзиа иеиҧш, иҭахуп дызцыкәашо. Аиаҳәшьц|
Hide player controls
Hide resume playing