Myvideo

Guest

Login

Асныти ашколхыа Санкт-Петербурга ама илеит Ауниверситетт сменаа апрограммала

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Санкт-Петербургҟа амҩа иқәлеит “Ауниверситеттә сменақәа“ апрограммала. 14-17 шықәса зхыҵуа 39-ҩык аҵаҩцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнатехникатә университет иаҭаауеит, уаҟа дара еилыркаауеит аҵаратә программа шцо, арҵаҩцәеи астудентцәеи рыԥсҭазаара. “Ауниверситет аӡәыр дазҿлымҳахар, аԥхьаҟа уи дҭалар илшоит“, — ҳәа иҳәеит Тҟәарчал араион аҵарадырра аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даниил Какәылиа. Аныҟәара нанҳәа 30 рҟынӡа имҩаԥысуеит. “Ауниверситеттә сменақәа“ апрограмма 2022 шықәса инаркны аус ауеит, иара иаҵанакуеит 100 рҟынӡа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа. Иара ашколхәыҷқәа азанааҭтәмҩақәҵара роурц, насгьы ԥхьаҟатәи азанааҭ алхразы алшара рынаҭоит. Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later