Аицлабра “Аԥсны арҿиаҩцәа“ аидеиақәа рылаҳәареи урҭ рынагӡареи рзы илшара бзиоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит ауаажәларратә активист, ареспублика Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Ажурналистцәа реидгылеи рлахәыла Дмитри Габелиа. Иара Аҟәа имҩаԥысуаз, апроектқәа аус рыдулашьеи агрантқәа риуразы арзаҳалқәа ииашаны ралаҵашьеи изҭахыз ахьыддырҵоз аҟазара-класс далахәын. Габелиа аицлабра иазирхиеит ареспублика иазку аҵарадырратә, арккаратә, абызшәатә материалқәа раԥҵара иадҳәалоу апроект “Аԥсны ҭҵаауа“. Урҭ Аԥсны аҩнуҵҟа ахархәаҩцәа рзеиԥш, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо ауааԥсырагьы онлаин рхы иадырхәартә иҟалоит ҳәа иҳәеит Дмитри Габелиа. Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ахарџь ала Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгамҭақәа рынагӡаразы иазыԥҵәоу аԥарақәа зегьы ааидкыланы 115 миллион мааҭ ыҟоуп, азыҳәақәа рыдкылара мҩаԥысуеит цәыббра 30 рҟынӡа. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing