Гал араион Ҭагьлан ақыҭан инхо ахаҵа даанкылоуп мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа раарыхреи рыҵәахреи рзы. Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа 62 шықәса зхыҵуа Пата Соткилов идырбалеит 40 грамм аканнабис, иара убас идгьыл ҵакыраҟны еиҭаҳаны имаз 30 шьапы аныцә, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Соткилов иганахьала ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы дырбаандаҩуп. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing