“Аԥсны Амшын еиқәа аԥшаҳәала аныҟәара, жәаҳәарада, иԥшӡоуп“, — ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи 30 шықәса инареиҳаны рышьҭахь раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи абаӷәазаҿы иааз аӷба “Комета“ аԥышәаратә реис иаԥылеит. Аҳәынҭқарра ахада ари ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа азгәеиҭеит. Аӷба акаԥдан Константин Швидкои иҳәеит “Комета“ иманшәаланы ишааз, амшгьы шазбзиахаз. Амҩа ҩ-сааҭк раҟара ишықәыз. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing