Myvideo

Guest

Login

Асны Ахьышымра Урыстыла иазханааанагьы ар иазхаоу ынаррак аасабала хы маагон, абас иеит арадио Sputnik аны

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵаанӡагьы — ҳарҭ иазхаҵоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳхы мҩаԥаҳгон, абас иҳәеит арадио Sputnik аҟны Жәлар реизара ԥасатәи аиҳабы Нугзар Ашәба. “Ҳара иазхаҵоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳхы мҩаԥаҳгон, уи хәыҷык иҳахәеит усҟан. Аха, уаназхарҵалак ашьҭахь ицәырҵуеит аҭакԥхықәра дууӡӡа — ужәлар рҿаԥхьа, иҭахаз рҿаԥхьа, абиԥарақәа рҿаԥхьа, уазхазҵаз рҿаԥхьагьы, абарҭ зегьы ҳазхиаӡамызт уи аҟара, агхақәагьы ҟаҳҵеит, аха урҭ рыҽеира ҳалшеит“, — иҳәеит Ашәба. Аполитик иажәақәа рыла, Медведев инапхгарала Урыстәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа иахьа уажәраанӡагьы аус руеит. “Аиқәшаҳаҭрақәа 2014 шықәсазы маҷк идырҿыцит, аха шьагәыҭс ирымоу усҟан иҳабжьаҳҵаз ауп. Аиаша шәасҳәап, усҟан ҳҭагылазаашьа шыҟаз ала, усҟан Урыстәыла шаҟа ҳҳаракны ҳарбоз ала, усҟан Урыстәыла зегьы ҳара ҳзы ршьапы ишықәгылаз ала иҵегьы ҳекономика аума, даҽакы-даҽакы иҵегь аизҳарақәа ҳаур ҟалон“, — ҳәа иԥхьаӡоит Нугзар Ашәба. Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputni... Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later