Myvideo

Guest

Login

АГНИ ПАРФЕНЕ (греч. ) НА АБХАЗСКОМ ЯЗЫКЕ

Uploaded By: Myvideo
1 view
0
0 votes
0

«Ицқьоу Аҭыԥҳа́ Бхацкы». Ацқьа Некта́риос Егьи́нтәи иаԥҵамҭа. Исполняет: иеродиакон Давид (Сарсания). Перевод с греческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар). Редакторы перевода: Тамила Аршба, Арда Ашуба. Запись: студии «AMA Records» (Сухум). Иллюстрация: Миниатюра со сценой Благовещения из рукописного богослужебного Евангелия 1300 года из Мыкуского храма (Абхазия). Великий Пост 2023 г. ____ «Ицқьоу Аҭыԥҳа́ Бхацкы» Ацқьа Некта́риос Егьи́нтәи иаԥҵамҭа 1-тәи абжьы 1. Ицқьоу Аҭыԥҳа́ Бхацкы, Кьыс змам Анцәадзыхшаз, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Аҭыԥҳа́, Анан, Аҳкәажә, Аӡа́ӡа зықәнаҳәы́з а́ласа, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 2. Ажәҩан иахы́ҳәҳәо, Ашәахәақәа́ реиҳа илашо, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Иеицгәырӷьо аҭыԥҳа́цқьацәа Ргәырӷьара, Амаалықьцәа иреиҳаӡоу, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 3. Ажәҩан аиҳа илашо, Алашара аиҳа икаԥхо, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Жәҩантәи амчқәа зегь реиҳа ицқьаӡоу, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 4. Ахаа́наз Иҭыԥҳа́у Мариа, Аԥсабара зегь Иаҳкәажәу, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Кьыс змам, иԥшьоу Аҭаца, Ицқьаӡоу Бхаҵкы, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 5. Аҭаца Мариа, Аҳкәажә, Ҳгәырӷьара зыхҟьаз, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Инаа́лоу Аҭыԥҳа́, Аҳкәажә, Ицқьаӡоу Анан, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 6. Хьыӡла Ахерубимқәа иреиҳаӡоу, Ихьӡырҳәагоу, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Ицәеижьдоу Асерафимқәа, Аҭро́нқәа иреиҳаӡоу, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 7. Бгәырӷьала, Ахерубимқәа рашәа, Бгәырӷьала, Амаалықьцәа рхьыӡра́шәа, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Бгәырӷьала, Асерафимқәа рашәа, Амаалықь дуқәа ргәырӷьара, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 8. Бгәырӷьала, игәырҭынчгоу, иргәы́рӷьагоу, Ахеиқәырхара асқьала́, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Ажәа [Логос] иԥшьоу имҳара́, Канӡара зқәым ашәҭ, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 9. Бгәырӷьала, Жәҩангәашәԥхьара ахаара, Наӡаӡатәи аԥсҭазаара, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Бгәырӷьала, аԥсҭазаара аҵла, Амԥсра иахыҵхырҭоу, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 10. Сбашьапкуеит, Аҳкәажә Бхацкы, Схы бықәкны уажәы, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Игәаӷьны Сыбзыԥшуеит, Зегьы Ираҳкәажәу, Былԥха саҳәоит, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 11. Инаа́лоу Аҭыԥҳа́, кьыс змам, Ицқьаӡоу Аҳкәажә, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Сбыԥхьоит гәыблыла, Иԥшьоу Аныҳәарҭа, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! 12. Бсыдгыл, Сицәыхьча исабашьуа, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз! Шьҭра́мдаҩыс сарба Наӡаӡатәи аԥсҭазаара, Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз!

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later