Myvideo

Guest

Login

Асны ахыы раца змоуи зылшараа мауи ааацаа рзы арага шеи ашколт маеи рызшара иалагеит

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

Аԥсны ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа рзы арҵага шәҟәқәеи ашколтә маҭәеи рызшара иалагеит. “13 нызқь инареиҳаны арҵагатә шәҟәқәа араионтә ҵараҟәшақәа ирыҭахоит. Ахәбатәи акласс азы аурыс бызшәа арҵагатә шәҟәы ҿыц ҭыжьуп. Ашколқәа ашәҟәқәа рызшара мҩаԥыслоит цәыббрамза 15 рҟынӡа“, — иҳәеит аҵара аминистрра ауаажәларра рыбжьара аимадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа. Иажәақәа рыла, арҵага шәҟәқәа зегьы хәыда-ԥсада ирыҭахоит, урҭ абиблиотека афонд иахыԥхьаӡалахоит. Иааизакны сынтәа ареспублика ашколқәа рахь 30 хкы раҟара арҵага шәҟәқәа рзаагараны иҟоуп. Уи адагьы, ахәыҷы рацәа змоуи зылшарақәа маҷуи аҭаацәақәа ирыҭахоит 500 комплект раҟара ашколтә маҭәа. Қәҭелиа иҳәеит иааиуа ашықәс азы ашколтә маҭәақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азгәаҭаны ишыҟоу. Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later