Myvideo

Guest

Login

Атымтылауаа Асны атаксиа рныцацас аусура азин рыром. Ареспублика аекономика аминистрра, нанамза 27 рзы аынарра а

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

Атәымтәылауаа Аԥсны атаксиқәа рныҟәцаҩцәас аусура азин рырҭом. Ареспублика аекономика аминистрра, нанҳәамза 27 рзы аҳәынҭқарра ахада Аминистрцәа реилазаара ириҭаз анапынҵа инақәыршәаны азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азырхиара иаҿуп ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр Ҭеимураз Амқәаб. Иара иахьа аусура иҭымҵкәа Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаны агәынамӡара аазырԥшыз атаксирныҟәаҩцәа драцәажәеит. Урҭ ауаа рҟынтәи аҿаҵарақәа рыдкылара мап ацәыркит, амигрантцәа таксиныҟәцаҩцәас аус рымуроуп ҳәа адҵа ықәдыргылеит, избанзар урҭ дара рԥарарҳара иаԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Амқәаб дара идеилиркааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба нанҳәамза 27 рзы аиҳабыра реиԥылараҿы Аминистрцәа реилазаара анапынҵа шриҭаз, апассаџьырцәа рныҟәгараз алицензиа аҭара иадҳәалоу азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа аларгаларазы, иара убасгьы Аԥсны атәылауаа рымацара шракәхо таксиныҟәцаҩцәас аусура зылшоны иҟало. Аха аԥыза-министр Владимир Делба уи анапынҵа анагӡара аҿҳәара жьҭаарамза 10 рҟынӡа иширкьаҿыз. “Ҳара апроект хыркәшоуп ҳәа ҳҳә... Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later