Myvideo

Guest

Login

Ахыа рылшараа рыааразы ааьымцеи арацеи злоу акомиссиа амаам Асны, абри аты леит ареспублика аара аминистр л

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

Ахәыҷқәа рылшарақәа рыҭҵааразы аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи злоу акомиссиа ҳамаӡам Аԥсны, абри атәы лҳәеит ареспублика аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба, зажәаҳәа аҿиара ԥку ахәыҷқәа рзы ашколқәранӡатәи аҵараиурҭақәеи ашколқәеи рҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы дырзааҭгыло. “Ахәыҷы ахәыҷбаҳчахь даннеилак илшарақәа рыҭҵаара аҭахуп, уи аҟынтә ари аҩыза акомиссиа иабзоураны — ацхыраара зҭахәу ахәыҷқәа ргәыԥқәа реиҿкаара алшоит. Уи иаанагаӡом ахәыҷы иаԥхьаҟа аҵараҵара илшаӡом ҳәа, уи иаанаго уи ауп — ҳара иҳалшоит ианаамҭоу ахәыҷы ацхыраара иҭара. Ахәыҷы иахәҭоу ацхыраара имҭаӡакәа, ииашаӡамкәа аҵарапроцесс аҿы ҳизныҟәозар, уи иҭагылазаашьа еиҳагьы иарцәгьар алшоит“, — лҳәеит Шамба. Уалны иҳадуп абас еиԥш иҟоу акомиссиа аиҿкаара ҳәа азылыԥхьаӡоит лара. Аԥсны аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, зажәаҳәа аҿиара ԥку ахәыҷқәа аус рыдуларазы ацхырааратә семинарқәа ааӡаҩцәа рзы имҩаԥыргеит Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҟны. Аԥсны ахы-аҵыхәа имҩаԥгахоит аиԥш зеиԥшу асеминаркәа ҳәа азгәалҭеит... Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later