Аҟәа араион аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа абаҟақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа маҷк ада ихыркәшоуп ҳәа азгәеиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Фарад Микаелиан арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы. “Ҩ-баҟак рҿы ауадаҩрақәа ыҟан, аргыларатә маҭәахәқәа иаҿаҳҵаз ианаамҭаз ирзаамгаӡеит. Уажәы Алада Ешыра иҟоу абаҟаҿы аусурақәа хҳаркәшуеит“, — ҳәа азгәеиҭеит иара. Абаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшамҭаз, иасыз аԥшацәгьа иахҟьаны икаҳаз аҵла аандакәырша зегьы еилаҟәыбаса ишьҭанаҵеит. Иааизакны Аҟәа араион аа-қыҭак рҟны абаҟақәа еиҭашьақәдаргылеит ҳәа азгәеиҭеит Микаелиан. Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы афинанстә цхыраара аанаҭеит. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing