Myvideo

Guest

Login

2025 шыса алазар, Асны иасыз ашыс иара абри аама иаыршны 61 миллион кВт еианы афымцамч ахархара аиуит

Uploaded By: Myvideo
0 views
0
0 votes
0

2025 шықәса ҳҭалазар, Аԥсны иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭа иаҿырԥшны 61 миллион кВт еиҵаны афымцамч ахархәара аиуит. “Амшынеиқәафымцамч“ адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал ареспубликатә штаб аилатәараҿы иазгәеиҭеит нанҳәамза инаркны Аԥсны Урыстәыла афымцамч аахәара ишалагаз, убас ала, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 2024 шықәса иара уи аамҭазы иҟаз аӡы аҩаӡара аасҭа 47 метра рыла еиҳауп ҳәа. “Аҭагылазаашьа аҳауа аԥхарреи, амш аҭагылазаашьеи ирыхҟьоит. Аха ҭагалан-аӡын азтәи абжьара-статистикатә рбага ала ҳахәаԥшуазар, сара сгәанала, адефицит ҟалоит, аха иҳаҩсыз ашықәс аанеиԥш идухом“, — иҳәеит иара. Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, ҳазҭоу аамҭазы атәылаҿы есыҽнытәи ахархәара 4-4,5 миллион кВт⋅сааҭ ыҟоуп. “Сынтәа, цәыббрамза 11 рзынӡа, иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭазтәи ахархәара иаҿырԥшны 8 миллион кВт⋅сааҭ рыла еиҵоуп“, — ҳәа ҳәеит Мышәба. Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later