Урыстәылатәи аспециалистцәа быжьҩык Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҿы асезон азы аусура иалагахьеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Бадра Гәынба иҟаиҵаз ааԥхьара инамаданы, Урыстәыла ахада Владимир Путин хазы адҵа инапы аҵаиҩит, уи инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра аԥхынразы аҳақьымцәа рколлегацәа ирыцхрааразы ареспубликахь рышьҭра алшоит. Кириенко иазгәеиҭеит акурорттә аамҭазы ахәышәтәырҭақәа рҿы аусутә шырацәоу, иара убасгьы ишазымхо иҷыдоу ахырхарҭақәа рзы аспециалистцәа. “Ҳазҭагылоу аамҭазы араҟа быжьҩык урыстәылатәи аспециалистцәа ыҟоуп – ареаниматорцәа, апедиатрцәа, атравматологцәа, даҽакала иуҳәозар, аԥхынразы еиҳа иҟалало аахақәеи ачымазарақәеи зусура адҳәалоу“, — ҳәа азгәеиҭеит иара. Сергеи Кириенко ажәа иацҵо иҳәеит, иаҭаххар, Урыстәылантәи иаауа аҳақьымцәа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа. Уи иҳәеит ишеиликаауа ара усура иаауа урыстәылатәи аҳақьымцәа шьоукы Аԥсны ааныжьны нас шьҭахьҟа агьежьра ахьырҭахым, ара ... Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing