Афестиваль-еицлабра “Агәыхәтәы ахь ашьаҿа“ аатит Аԥсны аҳәынҭқарратә филармониа аҿы. Уи рхы аладырхәуеит Аԥсни, Урыстәылеи, Беларусь рҟынтәи еицырдыруа аколлективқәа. Аконкурс аҿы аиааира згаз аԥаратә ҳамҭа ианашьахоит. Аӡбаҩцәа реилазаара иалахәуп — Урыстәыла Атеатр ду ахаҭарнакцәа, ансамбль “Моисеев“ уаанӡатәи ахкынагӡаҩцәа, Аԥсны Жәлар рартист Вианор Логәуа. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing