Myvideo

Guest

Login

Урыстылеи Асни рхадаца Владимир Путини Бадра Гынбеи реиылара алшаа рыла тылаа рыбжьара астратегиат амшхашт алка

Uploaded By: Myvideo
1 view
0
0 votes
0

Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа Владимир Путини Бадра Гәынбеи реиԥылара алҵшәақәа рыла ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә амшхәаԥштә алкаауп, абри атәы иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иара иазгәеиҭеит уи амшхәаԥштәқәа шыҿиало, ишхарҭәаалахо, уи адагьы Аԥсны Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усқәа рхырхарҭалагьы. “Иахьа ҳара алшара ҳамоуп ҩ-ганктәи аусеицуразы апланқәаеи анапынҵақәеи рылацәажәара,иара убас жәларбжьаратәи аренаҿы ҳусецура ишацҵахо. Зегь раԥхьа игылоуп — Алада Кавказ арегионқәа“, — иҳәеит Лавров. Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысуеит Москва. Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later