Myvideo

Guest

Login

Лашькьындар аыан Аьыньтылат еибашьра ду аны иахаз рыхьала абаа аргылара иалагеит, абри аты иеит арадио Sputnik аны

Uploaded By: Myvideo
3 views
0
0 votes
0

Лашькьындар ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны иҭахаз рыхьӡала абаҟа аргылара иалагеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҟны ақыҭа ахада Иури (Азамаҭ) Ҵәыџьба. Хымш ҵуеит аусурақәа ирылагеижьҭеит иҳәеит ақыҭа ахада. “Иахьазы ҵаҟатәи ашьаҭа ҭарҭәоуп, уи аншәлак аҭӡы ҳаргылоит, уи амармалташь ала иҩычахоит, уаҟа ианылоит ҳкыҭаҟынтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәызи, иҭахази хабарда ибжьаӡази рыхьӡқәа. Иахьа ҳқыҭаҟны аибашьра ду аветеранцәа ҳәа зыԥсы ҭоу аӡгьы дыҟам“, — иҳәеит Ҵәыџьба. Лашькьындар ақыҭа аҟынтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәызи, иҭахази хабарда ибжьаӡази 56-ҩык асиа иарбоуп, урҭ рҟынтәи 9-ҩык хабарда ибжьаӡит, 13-ҩык аибашьраҟны иҭахеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ала Аԥсны асоциалтә программа ҷыда нарыгӡоит. Хықәкыс иамоуп аԥсуа жәлар Аиааира Ду аҿы иҟарҵаз алагала агәалашәара аиқәырхара. Абаҟақәеи, амемориалқәеи, аибашьцәа рыԥсыжырҭақәеи реиҭашьақәыргылара аԥара азоужьуп. Инарҭбаау аиҿцәажәара шәа... Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later