Арратә операциа ҷыдаан иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз Владимир Харабуа (“Микич“) игәалашәареи Урыстәыла Амш азгәаҭареи ирызкыз аиԥылара мҩаԥысит Гагра Борис Кьахьыриԥа ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы. Уи рхы аладырхәит Харабуа иԥшәмаԥҳәыс Зита Кәартааԥҳаи, иԥҳа Аннеи, иԥа Арсоуи, аинтернационалтә бригада “Пиатнашка“ иалоу Гагра инхо иҩызцәа еибашьцәеи. “Донбасс ацхыраара аҭаразы еидҵоу аштаб“ анапхгаҩы, аиҿкаара “Ахатәгәаԥхарауаҩ“ ахантәаҩы Вадим Мироненко Харабуа иҭаацәара иара ихьӡала иаԥҵаз амедал ранеишьеит, уи азганк ала ихьӡи, ипортрети, ихьыӡшьареи ануп, егьи аган ала — иара иажәақәа “Микич своих не бросает“ ҳәа иануп. Зита Кәартааԥҳа аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит лыԥшәма ихьӡ акамыршәразы ирылшо зегьы ахьыҟарҵо азы. Аҵараиурҭа астудентцәа Харабуа инысымҩа иаԥхьеит, аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵара атәы еиҭарҳәеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, иҭахаз гагратәи ахатәгәаԥхарауаҩ изкны еиқәдыршәаз авидеоматериал ддырбеит. Гәдоуҭатәи амузыкатә школ ааӡамҭацәеи авокалтә студиа “А... Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing