Аԥсны уаанӡатәи Аминистрцәа рхеилак (Совмин) аҭыԥ аҿы иреиӷьу ахыбра апроект азы аконкурс рылаҳәахоит. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба аконкурс аиҿкаара инапы ианиҵеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аминистрцәа рхеилак аҩганк аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рсиа ишаҵанакуа, урҭ еиқәырхатәуп ҳәа. “Аиҭашьақәыргылара, аиԥш зеиԥшу ахыбра ҿыц аргылара, иҟалап, мамзаргьы архитектуратә обиект ҿыцк аргылара шәазхәыц, ҳақалақь даҽа хаҿсахьак аиурц азы. Сгәы иаанагоит, уи ҳаҳҭынқалақь мацара акәымкәа, ҳтәыла зегьы аиҭаира иасимволхоит“, — иҳәеит Гәынба. Source: Sputnik А?сны
Hide player controls
Hide resume playing