Myvideo

Guest

Login

Ашыс алагама инаркны Аа абиуьет ахашалахы аганахьала 1,315 млрд маа инареианы иалеит, иазхьагаоу арбага 1,221 ммл

Uploaded By: Myvideo
2 views
0
0 votes
0

Ашықәс алагамҭа инаркны Аҟәа абиуџьет ахашәалахәы аганахьала 1,315 млрд мааҭ инареиҳаны иҟалеит, иазԥхьагәаҭоу арбага 1,221 ммлрд мааҭ инақәыршәаны ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараҿы. “Ахатә хашәалахәы ауснагӡала иарбаз 1,187 млрд мааҭ аҟнытә 1,280 миллиард мааҭ инареиҳаны иартәеит, уи 107,9% рыла инагӡоуп. 2024 шықәсазы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны, аизҳара 77 миллион мааҭ ҟалеит“, — ҳәа азгәеиҭеит иара. 2025 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет шьақәырӷәӷәан 2,162 млрд мааҭ рҟынӡа. Ԥхынгәымзазы уи аиҭакрақәа алаган аԥаратә хархәагақәа рбаланс инамаданы. Уи иабзоураны абиуџьет 150 миллион мааҭ рыла еизырҳан, иара убас, абиуџьетбжьаратәи атрансферт амҽхак ала — 4,716 млн мааҭ рыла. Аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, иааизакны 2,317 млрд мааҭ ҟалеит. Зегьы ааидкыланы, Агрба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, абиуџьетбжьаратәи атрансфертқәа рхыԥхьаӡара 86,7 млн мааҭ ҟалеит. Урҭ рҟнытә: ▫️Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә асоциалтә усзуҩцәа рулафахәы азы аԥара азо... Source: Sputnik А?сны

Share with your friends

Link:

Embed:

Video Size:

Custom size:

x

Add to Playlist:

Favorites
My Playlist
Watch Later